• Ҭырқәтәыла иҟоу ақыҭа Калдахәара ахада Аҧсны иҟоу ақыҭа Калдахәара инхо Анатоли Агрба диҭааит
David Dasania David Dasania
8.93K subscribers
375 views
9

 Published On Sep 9, 2024

Аиашьа гәакьа иеиҧш исзааигәоу, иахьа ҳџьынџьуаа ры-Ҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә комитет ахада ихаҭыҧуаҩ Басҭаҟәа Виқтор-иҧа Агрба иаб иашьа Анатоли Акакь-иҧа Агрба дынхоит-дынҵуеит Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭаҿ, иахьазы ихыҵуеит 89 шықәса.

Ҭырқәтәыла иҟоу ақыҭа Калдахәара ахада Ерџьаи Ҧаҷкәариа Аҧсны иҟоу ақыҭа Калдахәара данаҭаа, ақыҭаҿ хьӡи-ҧшеи згым ауаа аиашьа дахь иҧылеит. Урҭ Ерџьаи ақыҭа идырбеит, Агрба Иура иекофермахь дымҩахыргеит. Анаҩс еицыз зегьы ҳамҩахыҵит Ахаа рҩыҟаҵарҭахь. Аиҧылара ахыркәшара азгәаҭан Калдахәаратәи аҧацхаҿ. Аратәи аҧацха иахьазы аҷҷаҳәа аус аруны, асасцәа аднаҧхьалартә ахәыҟаҵарҭа, амаҵурҭа еиҿкааны изылзыршаз Наира Цкәиаҧҳаи Ахра Барцыци Анцәа дырзыразхааит!

Аиқәшәара еиҿызкааз, насгьы уи иалахәыз Басҭаҟәа Агрба, Даур Амҧар, Џьума Агрба, Дырмит Пасхалов, Адгәыр Агрба, Тариел Хагәышь, Ардашьын Чагәаа Анцәа шәиныҳәааит! Шәааҧсара бзабааны ишәҧылааит!

Абра уажәы сара лымкаала шәрызхьасырҧшырц сҭахуп 89 шықәса зхыҵуа Анатоли Акакь-иҧа Агрба иажәа ҟәышқәа. Уи иажәақәа ҭәуп ҧсҭазааратә ҟәышрала. Абас иахьа дцәажәозар ихәҭоуп Аҧсны Ахада! Абас дхәыцуазароуп Амилаҭ Аб!

Аҧсны, Ҭырқәтәыла, аҧсуаа, ақыҭа Калдахәара, Ерџьаи Ҧаҷкәариа, Басҭаҟәа Агрба, Даур Амҧар, Џьума Агрба, Дырмит Пасхалов, Адгәыр Агрба, Тариел Хагәышь, Ардашьын Чагәаа, Ахба, Абхазия, Турция, абхазы, село Калдахуара, Эрджай Пачкориа, Бастакуа Агрба, Даур Ампар, Джума Агрба, Дмитрий Пасхалов, Адгур Агрба, Тариел Хагуш, Abkhazia, Turkey, Abkhazians, Kaldakhuara village, Erjay Pachkoria, Bastakua Agrba, Daur Ampar, Juma Agrba, Dmitry Paskhalov, Adgur Agrba, Tariel Khagush, Ardashin Chagava, Akhba

show more

Share/Embed